Арадио

Аҳақьым еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы ишьҭоу ачымазара шырхырго атәы

Аҳақьым -афтизиатр Милана Бениаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, иахьатәи аамҭаз Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, ишԥархырго ачымазара уи змоу, насгьы аҳақьымцәа рымчқәа абанӡеизхо.
Sputnik
Иахьазы агоспиталь аҿы ишьҭоуп 11-ҩык, урҭ рахьынтә ҩыџьа сабицәоуп, ахәшәтәырҭа актәи аҟәшоуп аус зуа, аҩбатәи аартра макьана иахәҭаны иҟам, ҳәа лҳәеит аиҿцәажәараҿы аҳақьым.
"Иахьазы аҭагылазаашьа маншәалоуп, ачымазаҩцәа хымш-ԥшьымш рыла иауҳашьҭуеит. Иара уажәы агрипп чымазара еиԥшуп, ашоура ҳаракы, аимҳәа, аха атестқәа рҿы иубоит, уи аковид шаку", - лҳәеит Бениаԥҳа.
Аҳақьым еиҭалҳәеит ачымазаҩцәа ахәшәтәырҭаҿы рааныжьра ахәҭаны ианыҟоу, иара убас аҩныҟа ианаурышьҭуа атәы.
"Ари аштамм арԥҳақәа усҟак анырра анаҭом, ирлас ирхыргоит, дельта штамм аан ауаа аҳауа рызхаӡом, аҵәиҵәри рхагылан, уажәы усҟак ахархәара арҭаӡом", - лҳәеит Бениаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.