АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи аруаа аицлабра “Ельбрустәи амацәаз” иалахәын АрМИ-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Арбџьар мчқәа Рыштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аподполковник Вадим Камкьиа.
“Аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" аҟны ҳкоманда ахы бзианы иаанарԥшит. Аицлабра аӡбаҩ хада иҳәеит аԥснытәи акоманда "Аиааира агәазыҳәаразы аноминациа" раҭәашьара иаԥсоуп ҳәа", - иҳәеит Камкьиа, иагьациҵеит уажәазы акоманда афбатәи ацәаҳәаҿы ишгылоу.
Иара убас Камкьиа иҳәеит аԥсуа милаҭтә чыс хкқәа рӡыргараан аԥсуа ашҭа ахәшьара ҳарак шаиуз.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 аԥснытәи акомандақәа быжьба рылахәуп: "Атанктә биатлон" - Алабино, "Ельбрустәи амацәаз" – Ҟабарда-Балкариа, "Аснаипертә рубеж" - Венесуела, "Иҷыдоу аҵҟьара" - Сергиев Посад, "Арра-медицинатә естафета" - Санкт-Петербург, "Ари акультуреи"; "Амилаҭтә чыс" - Алабино.
Аԥснытәи еизгоу акоманда шьақәгылоуп 80-ҩык аруаа рыла. Акоманда Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҟынтәи иԥрит нанҳәа 3 рзы Москваҟа.