Ереван аԥжәараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 16-ҩык ыҟоуп

Ахәаахәҭратә центр "Сурмалу" аҿы аԥжәара ҟалеит нанҳәа 14 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16- Sputnik. Ереван ахәаахәҭратә центр "Сурмалу" аҿы аԥжәараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 16-ҩык ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Ермантәыла АҶА.
Иахеи иахьа ашьыжьи аиалбгарақәа ирыҵыргеит аҽа ааҩык. Урҭ иреиуоуп зцәа зтәым аԥҳәыси ахәыҷи рҳәеит аусбарҭаҿы.
Ахәаахәҭратә центр "Сурмалу" аҿы аԥжәара ҟалеит нанҳәа 14 рзы. Ереван ахадара адыррақәа рыла, аԥжәара мзызс иамоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп апиротехникатә материалқәа рышьҭаҵарҭаҿ атҟәацра ахьыҟалаз.
Ермантәыла АҶА агәҽанҵара ҟанаҵоит амцакра ҿыцқәа хәыҵҟьар ҟалоит ҳәа.