Қәҭелиа иажәақәа рыла, сынтәа аҳәыҷбаҳчақәа рахь иалаҵаз арзаҳалқәа зегьы рыдкылоуп.
"Аҟәа 13 хәыҷбаҳча ыҟоуп, иахьазы изҭахны арзаҳал алазҵаз зегьы рыдыркылеит, аха убри аан уи хышықәса ихыҵуазароуп. Иаԥҵоу анорма иахыҳәҳәаны ирыдыркылеит. Аҳҭнықалақь аҿы даҽа хәыҷбаҳчак аҭахуп, астандартқәа ирықәшәо иҟазараз", - иҳәеит Қәҭелиа.
Убри аан иара иазгәеиҭеит араионқәа рҿы ахәыҷқәа разымхара шыҟоу, ус еиԥш азгәаҭоуп Тҟәарчал, Очамчыра.
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы иара убасгьы еиҭеиҳәеит ахәыҷбаҳчақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.