АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев Таџьикистан Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп, абри азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Владимир Путин, ашәҟәы кьыԥхьуп азинтә информациа аинтернет-портал аҟны.
"Григориев Семион Виачеслав-иԥа Ареспублика Таџьикистан аҟны Урыстәылатәи азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵазааит", - аҳәоит адокумент.
Путин аҽа усԥҟак ала инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит Игор Лиакин-Фролов.
Семион Григориев Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩыс дыҟан 2008 -2018 шықәсқәа рзы.
Григориев –МГИМО доушьҭымҭоуп, Ареспублика Таџьикистан аҟны ОБСЕ амиссиаҿ политикатә бжьгаҩыс дыҟан, Афганисҭани Ирани атәылақәа рҿы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы абжьгаҩыс дыҟан.