Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

УАМ рхьаҵра ашьҭахь Урыстәыла Женеватәи аконвенциа шеилагаз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит

Украина абџьархыхрази Донбасс ахақәиҭтәрази арратә операциа ҷыда мҩаԥнагоит Урыстәыла.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. ДЖәР Артиомовск УАМ аибашьцәа ианынрыжь ашьҭахь аибашьрадәаҿы ирбеит франциатәи аминақәа EMP F2, урҭ атҟәацраз рыҵаҵара ашьҭахь рылакьысра ҟалом, ари Женеватәи аконвенциа еиланагоит, абри атәы азгәарҭеит Атәылахьчара аминистрраҿы.
"Амилаҭеилыхыҩцәа ДЖәР Артиомовск инкылан ирымаз аҭыԥқәа ианырхыҵ ашьҭахь, аидгыламчқәа рыруаа иаадырԥшит киевтәи арежими иара мраҭашәаратәи адгылаҩцәеи Женеватәи аконвенциа аԥҟарақәа шеиларгоз", – аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Артиомовск аладатәи акалҭ аҿы игылаз амеханизациа зызуу 72-тәи абригада анхьаҵ ашьҭахь аибашьрадәаҿы ирбеит франциатәи аминақәа EMP-F2 50 рҟынӡа.
"Арҭ рҩызцәа аминақәа рхархәара азин ыҟаӡам, уи еиланагоит Ниу-Иорк жьҭаара 10 1980 шықәсазы ирыдыркылаз Женеватәи аконвенциа "абџьар ахархәараз аԥкра ма азинҟамҵара" аҩбатәи ахәҭа.