АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп нанҳәа 23 рҟынӡа.
"Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп нанҳәа 23 рҟынӡа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа аус шыруц ируеит.
Аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 раахыс.