Аԥсны

Ахәыҷқәа рымҵарсразы иҭакыз ахаҵа апсихиатриатә хәшәтәырҭаҟынтә дыбналеит

Ацәгьоуҩы амедицинатә усбарҭаҟынтә дыбналеит ашәахьа нанҳәа 15 рзы ашьыжь.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион апрокуратура ашьаус хацнаркит зус ӡбаны иҭакыз ахаҵа апсихиатриатә хәшәтәырҭаҟынтә ибналара аҵыхәала. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, зықәра намӡац рымҵарсразы, мчыла амазара амхразы, ақәыларазы, изакәанымкәа абџьар аикәыршаразы 2018 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа 18 шықәса аҭакра зықәнаҵаз Даур Џьынџьал дыбналеит ахьчаҩцәа шыҟамыз ангәеиҭа. Ари ҟалеит нанҳәа 15 рзы ашьыжь асааҭ 6:00 - 7:00 рыбжьара.
Џьынџьал ԥхынгәы 6 инаркны дырхәышәтәуан Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭа еилаԥсоу аӡбарҭа-психиатриатә експертизақәеи мчыла ахәшәтәреи рыҟәшаҿы.