Арадио

Ацхыраара лас аҳақьым хада: ҳусура аԥхын иацлеит, ихьанҭахеит

Аԥхын ацхыраара лас аусура шеиҿкаау, лассы-лассы аҭыԥ змоу аинфекциақәеи COVID ачымазареи рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа.
Sputnik
Ацхыраара лас аусура аԥхын иацлеит, ихьанҭахеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Џьопуа арадиоефир аҿы.
"Аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыцлеит ирацәаҩны аԥсшьаҩцәа. Уахыки-ҽнаки рыла 50 ааԥхьара ҳауазҭгьы, иахьа 90 инеиҳауп. Убри аан аус зуц роуп иахьагьы иҟоу. Аӡәгьы макьана цхыраарада даанҳмыжьыцт, ҳагхаргьы, ҳнеиуеит. Убри аан COVID змоугьы ыҟоуп, урҭ ахәшәтәырҭақәа рахь инаҳгоит, амҩан ирҭаху ацхыраара раҳҭоит. Аҩны ишьҭоу, ацхыраара зҭаху ҩынтә-хынтә ҳанрызнеиуагьы ыҟоуп. Агәы ачымазара, анерв чымазара, урҭ еснагь иҟан, уажәгьы иҟоуп. Аха иахьазы ачымазарақәа зегь раԥхьа игылоуп аротавирус ҳәа изышьҭоу, уажәы уи ауп еиҳа иҿкны иҟоу, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит COVID", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.