Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳашыгԥҳа аҿар ирымоу ауадаҩрақәа ирызкны

"Аҳәынҭқарратә ҿартә политика" захьӡу астол гьежь мҩаԥысит нанҳәа 16 рзы. Ауаажәларратәи аҿартәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ирылацәажәон актуалра зҵоу азҵаарақәа. Иахьатәи ҳҿар ирыгуи ирыбзоуи арадиостудиаҿы еиҭалҳәеит астол гьежь алахәыла Сариа Ҳашыгԥҳа.
Sputnik
Астол гьежь аҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа иреиуоуп абызшәа аҭагылазаашьеи, аҿар усурҭатә ҭыԥла реиқәыршәареи, урҭ рҭагылазаашьеи ҳәа азгәалҭеит Ҳашыгԥҳа арадиоефир аҿы.
Лара лажәақа рыла, иахьа ҳтәылаҿы ирацәаҩуп аҿыр анҭыҵ ицаны, рҵара иалган, Аԥсныҟа ихынҳәны аусурҭатә ҭыԥ ззымыԥшааз.
"Аҿар ирымаӡам агәаҳәара, дара иалырхаз азанааҭ ала аус рзуӡом. Аҳәынҭқарратә усбарҭақа рҿы аус руазаргьы, иара иоуз аҵарадырреи иоуа ауалафахәи узеиҿырԥшӡом. Ари апроблема атәы ҳҳәоит, аха ахаҵгалара маҷуп", - лҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.