Арадио

Қәҭелиа еиҭеиҳәеит аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" аҷыдарақәа ртәы

"Ашықәс арҵаҩы" хацыркуп Гагра. Ашкол аҟны сынтәа иалкаау ахырхарҭақәеи, арҵаҩцәа ирызнагахо адыррақәеи, урҭ ҳаԥхьаҟа рхархәашьеи атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Sputnik
Аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" мҩаԥыслоит нанҳәамза 15 инаркны 18 рҟынӡа.
"Ари шьҭа традициак иаҩызахеит, аԥхьаҟагьы иацҵахоит. Иахьазы ашкол аус аулоит хә-хырхарҭакны: ашколқәранӡатәи, алагарҭатә классқәа, афилологиа, аматематика, абиологиеи, ахимиеи. Арҭ ахырхарҭақәа рыла асеминарқәа, амастер-классқәа мҩаԥыслоит. Урҭ ирыԥхьалоит 19-ҩык Урыстәылантәи аспикерцәа, иреиӷьу арҵаҩцәа ҳәа иалкааз. Иара убасгьы иҟоуп Аԥснынтәи ҳарҵаҩцәа, зхатә методика алазгалахьоу, аԥышәа змоу. Дара аурок азнагашьа атәы рзеиҭарҳәоит арҵаҩцәа", - иҳәеит Қәҭелиа.
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, х-лекциак имҩаԥысхьоу рыла иубаратәы иҟоуп алахәылацәа агәаҳәара ду шрымоу. Иалахәуп арҵаҩцәеи аааӡаҩцәеи араионқәа зегьы рҟнытә, ари ԥышәа бзиахоит ҳәа азгәеиҭеит Қәҭелиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.