Аԥсны

Апрокуратура хадаҟны еиҭарҳәеит хҩык ауаа рышьразы аусӡбра шымҩаԥысуа атәы

Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьразы аус ахәаԥшразы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭын мшаԥы 2021 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә харадҵара аӡбарҭахь уажәгьы инанашьҭуеит Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьра зырҵабырго аматериалқәа, абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Апрокуратура хада аӡбарҭатә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба.
"Ахәҭакахь ала ашаҳаҭцәа рыла ашьақәырӷәӷәарақәа рыдгалара хҳаркәшеит. Уажәы аӡбарҭа иадаагалоит аҩыратәи амаҭәартәи шьақәырӷәӷәагақәа. 25 том 22 том шьақәырӷәӷәагоуп. Ҩба-хԥа еилатәара рыла ҳалгоит ари аус. Анаҩс ҳаиасуеит ааха зауз аган аҿахәҿыхрахь убри алагьы аҳәынҭқарратә харадҵара аганахь ала ашьақәырӷәӷәарақәа хыркәшаны ахьчаратә ган ашьақәырӷәӷәарақәа рзы азин раҳҭоит" иҳәеит иара.
2019 шықәса абҵара 22 азы акриминал алахәылацәа Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, ақьафурҭа ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа рышьреи Русҭам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи рышьразы аҽазышәареи рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.
Иара убасгьы ацәгьоуцәа закәаншьаҭада абџьар ахархәареи, атәым мазара хықәкыла ааха аҭареи рзы ахара рхарарҵоит.
Ерик Чкадуа атранспорттә хархәагақәа–Mercedes-Benz, Lexus GX рӷьычреи закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани реикәыршара ихарарҵоит.