Аҳҭнықалақь ахадара иҟанаҵаз аԥаразоужьра иабзоураны, 10-тәи Ашьхарыуаа рышкол аԥхьа ииасуа афымца аҳауатә цәаҳәақәа адгьылаҵатә цәаҳәақәа рыла ирыԥсахуеит, иҳәеит Блабба.
"Аԥшасра, асоура афымцатә цәаҳәақәа ԥырхага рнаҭоит, ахәыҷқәа ахьыҟоу ахыбра аԥхьа машәыр ҟамларцаз, иазыӡбан урҭ рыԥсахра. Аҵарашықәс иалааанӡа аргылаҩцәа ахаҳә шьҭаҵаны иалгоит. Ҳазҭагыло аамҭазы адгьыл иҵо ҳцәаҳәа машәырк ахьыр аԥшаагатә амашьына-алабораториа ҳамоуп. Пушкин имҩаду амҩеихшарҭаҿы ацәаҳәақәа атрубақәа ирҭаҵаны иҟаҵоуп, амҩа ажра ҳақәымшәарцаз", - иҳәеит Блабба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.