Аԥсны

Гагра араионтә еизарахь аиҭалхрақәа анымҩаԥысуа рылаҳәоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Гагратәи алхратә комиссиа алхырҭатә ҭыԥқәа №9, №15, (Ԥсахара, Гагра) рҿы жьҭаара 15 2022 шықәсазы аиҭалхрақәа мҩаԥнагоит.
Гагра араион ахадараҿы иазгәарҭеит аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит адепутат Владимир Вардаиа аҽа усурак ахь дахьиасызи, адепутат Беслан Ӡаԥшь-иԥа иԥсҭазаара дахьалҵызи инарымаданы.
Лаҵара 21 азы Гагратәи араионтә алхратә комиссиа алхырҭатә ҭыԥ хада № 17 (Цандрыԥшь) аҿы аиҭалхрақәа рҟны аиааира игеит Едгар Быҭәба. Усҟан араҟа аиҭалхрақәа мҩаԥган ақалақьтә еизара адепутат Бадрик Ԥлиа Аԥсны Апарламент ахь депутатс дахьалхыз инадҳәаланы.