Аԥсны

1300 фымцамчҭаҩратә шьақәгыла Аҟәа иқәдыргылеит

Афымцамчҭаҩратә шьақәгылақәа рыла ахархәаҩгьы афымцамч анашьҭыҩгьы ирымоуп алшара иныху афымцамч ахышәаҵышәа адырразы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аҟәа 1300 фымцамчҭаҩратә шьақәгыла ықәдыргылеит ҳәа азгәаҭоуп Аԥсуа телехәаԥшра арепортаж аҿы.
СУЕС аиҳабы Ҭемур Џьынџьал арепортаж аҟны иҳәеит арҭ ахархәагақәа рыла ишалыршахо абонентцәа рхы иадырхәаз афымцамч шаҟа ыҟоу ԥкрада аилкаара.
"Хархәара зыҭаз афымцамч аԥара анахырымшәаалак, абонент адырра иҭахоит, анаҩс алашара даҿыгахоит. Абонент алашара иаҿыгара алнаршоит иҷыдоу апрограмма. Ишьақәыргылоуп аҿыгара ашәхымс, уи еиҳахаз, ауалқәа ззеизаз абонент алашара имырхуеит", - иҳәеит Џьынџьал.
Иара иажәақәа рыла, ари аус ԥыжәарас иамоу астанциа маҷқәа рҿы ахьанҭарақәа рыларҟәроуп, избанзар ауаа аекономиа ҟарҵо иалагоит.
Sputnik СУЕС аҿы иазеиҭарҳәеит Аҟәа инхо абонентцәа зегьы арҭ ахархәагақәа рзықәдыргыларц азы 25 000 шьақәгыла шаҭаху.
"Амшынеиқәафымцамч" 2500 шьақәгыла аанахәахьеит. Абонентцәа рзы ақәыргылара хәыда-ԥсадоуп.