Аԥсны

2022 шықәса аҩнуҵҟа аӡбарҭатә приставцәа 93 миллион рҟынӡа ауал ылыргеит

Аӡбарҭатә приставцәа иахьатәи аамҭазы 2 000 рҟынӡа ус аус рыдырулоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. 2022 шықәса аҩнуҵҟа аӡбарҭатә приставцәа 93 миллион рҟынӡа ауал ылыргеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амаҵзура анапхгаҩы Зураб Барцыц.
Иара иазгәеиҭеит ауалқәа реиҳарак алимитқәа, акредитқәа, ашәахтәқәа, ахараԥсақәа шракәыз. Барцыц иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәс азы ашәахтә маҵзуреи дареи ауалылгараз рыҽшеимардаз, уи аус анырра бзиа шанаҭаз.
"Ашәахтә маҵзура ақьаадқәа ҳзаарышьҭуеит. Ҳара урҭ аус рыдааулоит. 68 миллион мааҭ инареиҳаны ашәахтә маҵзураҟынтә иҳауз аматериалқәа рышьаҭала ауал ылаагеит", - иҳәеит Барцыц.
Ауадаҩрақәа ыҟоуп акредит ганы аԥара змырхынҳәуа рганахьала. Иҟоуп ауал зқәу иԥшаара анзалымшо. Барцыц иажәақәа рыла, урҭ Урыстәыла, Ҭырқәтәыла ма Қырҭтәылаҟа ицеит.
Аӡбарҭатә приставцәа иахьатәи аамҭазы 2 000 рҟынӡа ус аус рыдырулоит. Аиҳарак ауал зқәу Аҟәа, Гагра ауааԥсыра роуп.