Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара: COVID-19 аҟынтә алаҵа хынтә еиҳаны иҟаумҵароуп

Аиҭалаҵаҟаҵараан абустер ахархәара алшоит. "Спутник" аан — ари еилазаарак ала ишьақәгылоу "Спутник Лайт" ауп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. COVID-19 аҟынтә абустертә лаҵа ҟарҵар рылшоит изԥырхагахар ҳәа ашәарҭа ыҟоу ауаа. Абри атәы аҩуеит РИА Новости аиммунизациаз аекспертцәа р-Стратегиа-консультативтә гәыԥ ахантәаҩы Алехандро Кравиото.
"Ҳара абжьгара ҟаҳҵоит COVID-19 аҟынтә аҩбатәи абустер инеиԥынкыланы зегь ракәымкәа, ачымазарақәа змоу иҟарҵаларц", - иҳәеит апресс-конференциаҿ аиммунизациаз аекспертцәа р-Стратегиа-консультативтә гәыԥ ахантәаҩы Алехандро Кравиото.
COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵарақәа ируакуп ҩ-еилазаарак змоу алаҵа. Арахь иаҵанакуеит "Спутник V". Зынӡа аиммунизациаз Агәабзиарахьчара аминистрра ф-лаҵак абжьнагоит.
Аиммунолог еиҭеиҳәеит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц аҷыдарақәа