Аԥсны

Амҩатә машәыр иахҟьаны Маркәыла ақыҭан ҩыџьа ауааԥсыра рыԥсҭазаара иалҵит

Амҩатә машәыр ҟалеит нанҳәа 19 ауха Маркәыла ақыҭа иахьаҵанакуаз.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Амҩатә машәыр иахҟьаны Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан ҩыџьа ауааԥсыра рыԥсҭазаара иалҵит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Маркәыла ақыҭа иахьаҵанакуаз амҩаду аҿы еинҟьеит автомашьынақәа: "Волга Газ-24", "Волга Газ-3110" , "Форд Транзит".
Иҭахеит 1995 шықәсеи 1996 шықәсеи рзы ииз ҩыџьа ауааԥсыра.