Аԥсны

Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр ҿыц даҭоуп

Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра лаҵарамза 2021 шықәса раахыс дахагылан Џьансыхә Нанба.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аԥсны ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс Михаил Габелиа иҟаҵаразы.
Габелиа ари аҭыԥ дахагылеит ахада Иусбарҭа аиҳабыс ииаргаз Џьансыхә Нанба иҭыԥан.
Уаанӡа Михаил Габелиа напхгара аиҭон Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра Ахазхаҿқәа ршәахтәқәҵара аусбарҭа.