Ҵыԥх уажәааны 30 000-ҩык аҭааҩцәа амазҭгьы амаамынааӡарҭа, сынтәа 24 000-ҩык роуп лҳәеит аиҿцәажәараҿы Салаҟаиаԥҳа.
"Ҳара ҳзы уи ибзиам рбагақәоуп, избанзар иаҭаауа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа еизҳауазароуп. Ҳҭагылазаашьа зегь реиҳа иарцәгьоит амҩа. Уаанӡа аӡыжәха аамҭа ҳамамызҭгьы, уажәы - ԥсшьароуп", - лҳәеит лара.
Салаҟаиаԥҳа еиҭалҳәеит зны-зынла амаамынқәа рыбналара зыхҟьо, нас урҭ ирхынҳәны ааӡарҭахь ишаарго. Лара дазааҭгылеит амаамынқәа аԥсшьаҩцәа ианрыцҳауа ахҭысқәа ртәы, илҳәеит сынтәа ус еиԥш ишмаҷу, ҵыԥх аасҭа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.