Аԥсны

Аҟәеи Нижни Новгороди рхадацәа аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо аделегациа усутә ныҟәарала иҟоуп Нижни Новогород. Ҳаҳҭнықалақьи Нижни Новгороди аиашьара рыбжьоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба диԥылеит Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев, аганқәа аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Ақалақьқәа рхадацәа иалацәажәеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны аусеицура азҵаарақәа, иаҳҳәап, аҿартә политика, аҵарадырра, акультура, аспорт ахырхарҭақәа рҟны.
Ешба Шалабаев Аҟәаҟа дааиԥхьеит иалшоны иҟоу аинвестициатә проектқәа рылацәажәаразы. Нижни Новгород ахада уи ааԥхьара идикылеит.
Уи адагьы, аԥсуа делегациа Горьковтәи автомобилтә зауад иаҭааит, игәарҭеит аҟәатәи автопарк ҳаамҭа иақәшәо ГАЗ амодельқәа рыла аԥсахра шалшо.
Аҟәа ақалақь аделегациа Нижни Новгород ГАЗ азауад аҟны.
Аганқәа иалацәажәеит ари аус аҟны егьырҭ Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи адԥхьалазар шауа. Ари апроект иазԥхьагәанаҭоит наҟ-наҟ ГАЗ атранспорт азы Аԥсны иаку ацентртә маҵзура аартра алзыршо аусеицура.