Аԥсны

Шәача аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа ирылацәажәеит

Азакәанԥҵараҿы аусеицуреи аимадарақәа рырҿиареи рырмариареи азы Аурыс-аԥсуа Парламентбжьаратә усутә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит Шәача нанҳәа 19 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аурыс-аԥсуа Парламентбжьаратә усутә гәыԥ иалацәажәеит аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа.
Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон адепутат Алхас Барцыц, урыстәылатәи аделегациа - Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.
Амашьыналасқәа рзы ацәаҳәацҵақәа аадыртуеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы