Кьалашәыртәи "ахырдыргабӷьыц": игәыгәҭажьу Аҟәатәи аихамҩатә вокзал

Асоветтә аамҭа иаҭынхаз аихамҩатә вокзалқәа рфотоҭоурых шәыднагалоит Sputnik Аԥсны.
Sputnik
Аҟәатәи аихамҩатә аангыларҭа "Кьалашәыр" аартын 1944 шықәсазы, аха 1950-1960 ашықәсқәа рзоуп аусура ианаларгаз. Араҟа иаанҿасуан Аҟәа- Очамчыра ахырхарҭала иныҟәоз аԥошьҭа-аидаратә дәыӷбақәа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы авокзал ааха ӷәӷәа аиуит, уи аахыс еиҭашьақәыргыламкәа иҟоуп. 2000 ашықәсқәа рзы аихамҩаҿ аныҟәарақәа зынӡа иаангылеит, зны-зынла имҩаслоит Очамчыреи Тҟәарчали рҟынӡа аидара мҩанызго адәыгбақәа.
1 / 16

Кьалашәыртәи авокзал– Аԥснытәи аихамҩа иахәҭакуп. Егьырҭ аихамҩақәа рҟны еиԥш араҟа иубоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭақәа.

2 / 16

Иахьазы авокзал гәыгәҭажьуп.

3 / 16

Агәашьақәа шәарҭоуп.

4 / 16

Авокзал аҩналарҭаҟны икыдыз аҩырақәа еиқәхеит.

5 / 16

Аҟәатәи аихамҩатә аангыларҭа "Кьалашәыр" аартын 1944 шықәсазы, аха 1950-1960 ашықәсқәа рзоуп аусура ианаларгаз.

6 / 16

Араҟа иаанҿасуан Аҟәа- Очамчыра ахырхарҭала иныҟәоз аԥошьҭа-аидаратә дәыӷбақәа.

7 / 16

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы авокзал ааха ӷәӷәа аиуит, уи аахыс еиҭашьақәыргыламкәа иҟоуп.

8 / 16

Авокзал иамаз аԥшӡара зыршаҳаҭуа амаҭәарқәа ана-ара улаԥш иҵашәоит.

9 / 16

Иблахкыгоу асоветтә рхитектура иахьагьы иубарҭоуп.

10 / 16

30 шықәса раԥхьа ицоз аибашьра ашьҭақәа.

11 / 16

Нап здкылам ахыбра аиаҵәара ахыҵәара иаҿуп.

12 / 16

Ааха змоуи аԥақәа зхысызи агәашьақәа.

13 / 16

Аамҭа иазымиааиз авокзал архитектура.

14 / 16

Ахыбра ӷәӷәала ааха шаиузгьы, еиқәхаз хәҭақәак иаадырԥшоит шаҟа иблахкыраз.

15 / 16

2000 ашықәсқәа рзы аихамҩаҿ аныҟәарақәа зынӡа иаангылеит, зны-зынла имҩаслоит Очамчыреи Тҟәарчали рҟынӡа аидара мҩанызго адәыгбақәа.

16 / 16

Аихамҩатә аангыларҭа акыр шықәса ҵуеит апассаџьырцәа рынаиааира амбеижьҭеи.