XIII-XV ашәышықәсақәа рзы генуиаа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы активла ихәаахәҭуан. Дара реиланхарҭақәа Аԥсны акырџьара иҟан, Кындыӷгьы убрахь иналаҵаны. Ара XIII ашәышықәсазы италиантәи иааз ахәаахәҭцәа идыргылеит абаа Сан-Томмазо. Уи ахьӡ аиуит Иԥшьоу Томас Аквинтәи иаҳаҭыр азы (акатоликатә уахәама зыхьӡ аԥшьаз италиатәи афилософ, атеолог).
Сан-Томмазо – Аԥсны зыда еиқәымхаз генуиатәи баауп, уи италиатәи абжьарашәышықәсатәи ахсаалақәа рҿы иарбоуп. Абаа афакториа аҳасабала ахархәара аман.
Раԥхьа ара иаабац атауарқәа рыла ихәаахәҭуан, аха аамҭақәак рышьҭахь ара атәцәа рҭиуа иалагеит Абаа азеиԥш ҵакыра 1000 квадраттә метра иҟоуп. Иара иаакәыршаны х-метрак еиҳам аҭӡы шьақәыргылан. Иахьазы уи ахәҭак еиқәханы иҟоуп. Абаа ахаҭа рхы иадырхәон афатә аҵәахразы, аӡәыр дқәылозаргьы, уа ауаа рҽырҵәахыр рылшон.
Абаа ахаҳәеиқәҵара Аԥсуа Баагәара ду ахаҳәеиқәҵара иеиԥшуп. Иуҳәар ауеит ари аргыламҭа аҭыԥантәи аргылаҩцәа идыргылеит ҳәа, генуиатәи апроект иахәаԥшны. XV ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ари абаа аҭырқәцәа ақәланы еимырҵәеит.
XX ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа раан ажрақәа анымҩаԥыргоз, ирԥыхьашәеит ахылҳәа. Аҵарауаа ргәаанагарала, уи XV ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа раан аҭырқәцәа абаа ианақәлоз ажәылара иацәынхеит ҳәа, избанзар уи аахижьҭеи абаа аиҭашьақәыргылара ҳәа акгьы ыҟамызт, ахылҳәагьы аҭӡы ишалахаз еиԥш инханы иҟан.
Абаа гылоуп амшын аԥшаҳәаҿы, Аҟәантәи иара аҟынӡа 36 километра бжьоуп. Уаанӡа унеир улшоит ухатәы машьынала, ма маршруттә таксила.