Арадио

Ҳагба Украина атомтә станциа алахысразы: арыцҳара ду аҿаԥхьагьы иаангылом

Украинатәи имҩаԥысуа аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа Sputnik арадиоефир аҿы рыхҳәаа ҟаиҵеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Sputnik
Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы УАМ иааиԥмырҟьаӡакәа атомтә станциа иақәкны ихысуеит. Еиду амилаҭқәа рхеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерреш Украина данаҭаауа аамҭазы, Киев Запорожиетәи атомтә фымцастанциа акәша-мыкәша апровокациа амҩаԥгара азнархиоит, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак, аинрал-леитенант Игор Конашенков.
"Украина иҟоу атомтә станциақәа рацәоуп. Запорожиетәи акәша-мыкәша иҟоу ахҭысқәа иаҳнарбоит Украина ишьақәгылаз аполитикатә режим зынӡа ҽаанкылара шрымам. Арыцҳара ду ҟалозаргьы, аҿаԥхьагьы ишаанымгыло", - азгәеиҭеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.