Аԥсны

Ахьаа ӷәӷәа змаз Ажара инхо аԥҳәыс вертолиотла Аҟәаҟа дааргеит

Ажара – Аԥсны еиҳа инахараны ишьҭоу қыҭоуп, уи Кәыдрытәи аҩхаахь иаҵанакуеит, Аҟәантәи уаанӡа 84 километра бжьоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Аҟәаҟа дааргеит ирлас ахәшәтәра зҭаххаз, ахьаа ӷәӷәа змаз Ажара инхо аԥҳәыс.
Аиқәырхаратә усбарҭа аҳақьымцәа раԥхьатәи ацхыраара лырҭеит амгәахьаа змаз 35 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс. Аҳҭнықалақь ахь ишааиз еиԥш ачымазаҩ днаган Ареспубликатә хәшәтәырҭахь.
Кәыдрытәи аҩхаа ашьхақәа ирыԥнуп ақыҭақәа Ажара, Чхалта.