Жәаҩык ахәыҷқәа злахәыз Мгәыӡырхәатәи ашкол аҿы хымш имҩаԥысуаз аекологиатә лагер хыркәшоуп. Дара ирзымҩаԥган амастер-классқәа, Урыстәылантәи аспециалистцәа иаԥхьон алекциакәа, ҳәа лҳәеит Џьниаԥҳа арадиоефир аҿы.
"Еиҳарак ҳазлацәажәоз аҟьамсар акәын. Ахәыҷқәа идырбан уи шеилыхтәу. Аԥсны ирыдыркылоит агәам хыкқәак, аха егьырҭ иахьгатәу, аус шадулатәу рзеиҭаҳәан. Ақыҭақәа рҿы агәам хабалак икажьуп, аӡқәа рхықәқәа рҿы, абнақәа рҿы, сара исцәыуадаҩуп уи ӡбашьас иаҭатәу атәы аҳәара, араҟа аҳәынҭқарра ада иуадаҩуп ак аҟаҵара", - азгәалҭеит Џьниаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.