Аԥсны

Омар Кәарҷиа игәалашәара иазку астол-ԥқьаҭмпыл азы XIV атурнир хыркәшоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21– Sputnik. Астол-ԥқьаҭмпыл азы Аԥсны Афедерациа раԥхьатәи ахада Омар Кәарҷиа игәалашәараз атурнир мҩаԥысит Аҟәа, абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
12 шықәса зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ лгеит Екатерина Храмова -Шәача, арԥарцәа рыбжьара — Макар Воловик уигь Шәача.
2006-2009 шықәсқәа рзы ииз аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ лгеит Алена Вабишьиева (Веселое), ари ақәратә ҩаӡараҟны арԥарцәа рыбжьара Александр Хабовец (Веселое).
Ҩыџьа-ҩыџьалатәи аиндаҭлараҿы актәи аҭыԥ иаԥсахеит Лаша Давитаиа (Аҟәа) и Аманда Кокоева (Аахыҵ Уаԥстәыла).
Хаҭалатәи аицлабраҿы аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ лгеит Екатерины Мызгина-Шәача, ахацәа рыбжьара Едуарда Апагуни (Шәача)
Ахамыхәацәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Џьон Чан-Оглы-Гәдоуҭа.
Ахацәа рыбжьара иреиӷьу ахәамарҩы ҳәа далкаан Лаша Давитаиа, аӡӷабцәа рыбжьара-Ерика Кәарҷиа.
Астол-ԥқьаҭмпыл азы Аԥсны Афедерациа раԥхьатәи ахада Омар Кәарҷиа иҭаацәа.