Аԥсны

"Сара макьана сыԥсы ҭоуп": Тҟәарчалтәи аԥсшьарамшқәа

Тҟәарчал ақалақь есааира аҽарҿыцра иахьаҿу, уи ақалақь ауааԥсыра ргәалаҟазаара анырра шанаҭо ртәы Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭаҿы.
Sputnik
"Уԥшишь, иубома, амра гылоит, Макьана ицәывҵыҷҷоит иара. Убас, хәыҷы-хәыҷла иҿыхоит, Ҳара ҳазҽеихар, ҳ-Аԥсынра!" - апоет Миха Лакрба абарҭ ицәаҳәақәа Тҟәарчал ақалақь иазукыр ауеит, уи есааира аҽарҿыцра иахьаҿу улаԥш еигәырӷьо. Ақалақь уаналало инаркны уахьынаԥшы-ааԥшуа аргыларақәа цоит.
Тҟәарчал аганахь аныҟәарақәа еиҿызкаауа атуроператорцәа рҿы "ақалақь-наур" ҳәа аԥыжәара арҭозар, ақалақьуаа рхаҭақәа урҭ анаурқәа ирылҵырц иаҿуп, имӡакәагьы ирҳәоит рықалақь ус ахьазырҳәо шыргәамԥхо. Убас иҟалаз хҭыск еиҭаҳәо, ақалақьуаҩык иазгәеиҭеит: "Абра ԥсшьаҩык дыҟан, аҭыхга кны реиҳа ибгараз аҭыԥқәа рҭыхра даҿын. Хаҵак даалызгәаан, лахь лиҭеит, иалишәхыи абарҭ иҭышәхуа, нас аинтернет иҭаҵаны адунеи иахшәырҵәоит "ибгоу ақалақь", "аԥсҭазаара ахьыҟам" ҳәа. Ҳара аҭыԥ ԥшӡарақәа ҳамоуп рацәаны, убарҭ ҭышәымхуеи ҳәа леиҳәеит" ҳәа уи ахаҵа ииҳәаз иадгылоит егьырҭ анхацәагьы.
"Тҟәарчал аԥсшьаҩцәа ҩеит": ақалақь аҩбатәи аԥсҭазаара
Ақалақь ахьӡ ас еиԥш изышьҭыз аԥсшьаҩы иҭахра иақәшәо ҳәа мҩак ианызар акәхап, аха ақалақьуаа рҭахрақәеи иареи рацәак еиқәшәом. Ақалақьуаа анаурқәа ирылҵырц ишаҿу унарбоит аҳәынҭқарратә цхыраарада ақалақь анаплакыҩцәа рхатә џьабаала аргыларақәа иахьырҿу. Убас, зыхьӡ хара ицаз Аҟармаратәи аӡхыҽҽақәа збарц иаҭаауа аԥсшьаҩцәа, урҭ рнаҩсгьы иҵегь аҭыԥ ԥшӡарақәа рзаадыртырц иаҿуп.
Сынтәа Тҟәарчал аԥсшьарамшқәа зхызгарц иаҭаауа ирыдыргалақәо иреиуоуп ақалақь зегьы унапы ианызшәа иахьубо, аԥсабара аԥшӡарақәа уахьхыԥшыло ақәыԥшыларатә дәы. Ауаа рҿы "анапы" ҳәа хьӡыс изауз ари аҭыԥ иаҭаауеит аԥсшьаҩцәа реиԥш, аҭыԥантәи ауааԥсырагьы. Егьарааны уи "анапы" уқәгыланы адәы уқәыԥшхьазаргьы, угәазхара иузбом, убасҟак уи аԥшӡара ухнакуеит: ахьхьаҳәа иуҵсны ицо Аалыӡга абжьи, уздыԥшыло иааукәыршан игылоу ахәқәеи, аиаҵәара иҭалаҳәҳәоу Хәаџьал дуи Хәаџьал хәыҷи еимаздо ацҳаи рыцқьара иԥшьоу Анцәа иҭыԥ аҿы ушыҟаҵәҟьоу удырбоит.
Аҟармаратәи аџьашьахәқәа хԥа: Тҟәарчал иаԥну аӡхыҽҽақәа
Ауаа раамҭа рхыргар ахьрылшо ҳәа даҽа ԥсшьара ҭыԥынгьы иацлаз иреиуоуп Ӷьыџьыртәи ацҳақәа рган аҿы ихшьу ауаргьала. Аекстрим бзиа избо ауаа рзгьы хазы аԥсшьара аԥҵоуп - ацәаҳәатә мҩақәа рыла аныҟәара. Ас еиԥш амҩатә цәаҳәа аус аура иахьалагахьоу ыҟоуп (аӡхыҽҽақәа рханы), иҟоуп аҟаҵара иахьаҿугьы (Ӷьыџьыр макьана аусурақәа цоит).
1 / 3

Тҟәарчалтәи аԥсшьарамшқәа

2 / 3

Тҟәарчалтәи аԥсшьарамшқәа

3 / 3

Тҟәарчалтәи аԥсшьарамшқәа

Аԥсшьаҩцәа рхаҭа разгәаҭарақәа рыла, дара араҟа иргәаԥхо ауаҩы инапы зхьымсыц аԥсабара ахаҭа шакәу. Ирзымхақәо иреиуоуп акрыфарҭақәа рыҟамзаара (аӡхыҽҽаҟны иҟоу акзаҵәык аламҵакәа). Аха иазгәаҭатәуп, ари аганахьалагьы аусурақәа нап шдырку. Реиҳа иуадаҩны иҟоу амҩа азҵаара ауп, аҳәынҭқарра ацхыраарадагьы уи инеиԥынкыланы аҟаҵара залымшар ҟалап.

Ақалақьуаа арҭ арҿыцрақәа макьана акры рзалоуп, усурҭала инеиԥынкыланы зегьы еиқәнаршәоит ҳәа узҳәом, аха ауаа еилаҩеиласуа иахьырбо мацарагьы рхы-ргәы арҿыхоит. Ишырҳәо еиԥш, ауаҩы игәы ҟазҵо амаҷ ауп.

Хымԥада, ирыгу рацәоуп, аха, Шьоҭа Ҷкадуа ипиесақәа руак афырхаҵа дыԥсит ҳәа ижра ианаҿыз, ибжьы ширгоз еиԥш: "Сара макьана сыԥсы ҭоуп" ҳәа, ақалақь ауааԥсырагьы рхы ҭыргоит ҳәа иаҿуп.