Урыстәылатәи афилосов Александр Дугин иԥҳа дыршьит Подмосковие

Александр Дугин-еицырдыруа урыстәылатәи афилософ, аполитилог, апублицист, апрофессор, афилософ-аполитикатә хырхарҭа неоевразииство ашьаҭаркҩы, Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы игәаанагаразы 2015 шықәса раахыс ЕАА ишьақәнаргылаз асанкциатә сиа дануп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21– Sputnik. Аусеилыргаратә усбарҭа ауаажәларратә усзуҩ Дариа Дугина, Урыстәылатәи афилосов Александр Дугин иԥҳа лышьразы ашьаус хацныркит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы асаит.
Москватәи аобласт иатәу Аусеилыргаратә усбарҭа аӡӷаб лышьразы Урыстәыла азакәанеидкыла 105 астатиа, аҩбатәи ахәҭа, апункт "е" инақәыршәаны ашьаус хацныркит,- аҳәоит адырраҭараҿы.
Ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла, нанҳәа 20 21:00 сааҭ рзы Одинцоватәи ақалақьтә округ аҳабла Большие Виаземы араион аҟны "амашьына Toyota Land Cruiser иаҵыз арҭҟәацга ԥжәеит", ашьҭахь амашьына амца акит.
Амашьына аԥсҟы зкыз Дариа Дугина аҭыԥаҟны лыԥсҭазаара далҵит.
Аҭыԥаҟны аус руеит аусеилыргаратә усбарҭа аусзуҩцәа. Иҟалаз зыхҟьаз аҭҵаара иаҿуп.
ДЖәР ахада Денис Пушилини Запорожиетәи аобласт анапхгареи ргәаанагарала, ахҭыс украинатәи атеррористцәа алахәуп.