Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәарҷелиаԥҳа актәи акласс ахь ахәыҷқәа рыдкылара иазкны

Сынтәа раԥхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа рацәаҩума, есышықәса ауадаҩрақәа зцу аҵаҩцәа реихшара аус ӡбашьас иаиузеи, ақыҭа школқәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшрои. Абри атәы арадио иазеиҭалҳәеит, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
Sputnik
Иахьа инаркны арҵаҩцәа ашколқәа рахь иҭыҵны ахәыҷқәа рыдкылара рҽаздырхиоит ҳәа адырра ҟалҵеит арадиоефир аҿы Кәарҷелиаԥҳа.
"Ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара сынтәа бжьаратәла 2500-3000-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Макьаназы инагӡаны еилкаам шаҟаҩ цо. Аҭаацәа аҵыхәтәанынӡа илакҩакуеит, иарбан школу иалырхра рыздырӡом. Аха ҵыԥх аасҭа сынтәа имаҷшәа иаҳбоит. Класск аҿы ирацәаҩны ахәыҷқәа рыдкылара апроблема иҳаӡбеит ҳәа сызҳәаӡом. Школқәак рҿы ахәыҷқәа ахьырацәоу сменала еиҩшахоит. Иҟоуп аҳҭнықалақь аҿы ахәыҷқәа ахьмаҷугьы. Ахәыҷқәа еиҟараны ашколқәа рахь рышьҭразы даараӡа аус утәуп", - ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Кәарҷелиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.