Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Чкотуа аџьа иацәымаашьо аԥсуа нхаҩы ибзазашьа иазкны

Лыхны ақыҭан инхо Руслан Чкотуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иҭаацәеи игәылацәеи иахьа ирыбзазашьоу, рхы зланыҟәырго, аҳәса ма ахацәа иҟарҵаша ҳәа аҩнаҭаҟны аусқәа ршара дшазыҟоу, ақыҭа ада атәылаҟны аԥсҭазаара зышьақәгылом ҳәа зииԥхьаӡо.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.