Путин: Урыстәыла ахатәы интересқәа ирықәшәо аполитика мҩаԥнагалоит

Урыстәыла Абираҟ амш азгәарҭоит 1994 шықәса нанҳәа 22 раахыс.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Урыстәыла амчра змоу ҳәынҭқарра дук аҳасаб ала адунеитә аренаҟны иара ахатәы интересқәа ирықәшәо аполитика мҩаԥнагалоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Аҳәынҭқарратә бираҟ амш аҽны.
"Урыстәыла амчра змоу, зхатә гәаанагара змоу ҳәынҭқарра дук аҳасаб ала адунеитә аренаҟны иара ахатәы интересқәа ирықәшәо аполитика мҩаԥнагалоит", - иҳәеит Урыстәыла ахада.
Иара иазгәеиҭеит урыстәылатәи абираҟ, х-шәышықәсак раԥхьа урыстәылатәи аӷбаҿ ишьҭырхыз, атәыла иасимволны ишыҟаз еиуеиԥшым аамҭақәа раан – аҳәынҭқарра ашьаҭакраан, Пиотр Ду иаамҭаан, Актәи адунеизегьтәи аибашьраан, иуадаҩыз ХХ ашәышықәсаан.
Иахьа Урыстәыла абираҟ атәылауаа рыԥсҭазаара иузаҟәымыҭхо иҟоуп, ажәлар ракзаара иасимволуп, амилаҭтә интересқәа ирзықәԥоит иҳәеит ахада.
Путин агәрагара ааирԥшит Урыстәыла абираҟ ахааназгьы абиԥарақәа рзы иԥшьаны ишаанхо, афырхаҵара, аџьа, аҳаракырақәа рахь уназыԥхьо акәны, Аԥсадгьыл иагәадураны ишыҟало.