Урыстәыла аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы иаларгалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп

Урыстәыла агәи аладатәи ахәҭақәеи рҳаирбаӷәазақәа русура аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 раахыс.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп нанҳәа 29 рҟынӡа.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста. Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа аус шыруц ируеит.
Авиаеилахәырақәа ирабжьагоуп Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Ставрополь, Москва рҟны аҳаирбаӷәазақәа ахархәара рыҭалазарц.