АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik. Нанҳәа 12-22 рзы Аԥсны иаадырԥшит 739 COVID-19 ахҭысқәа, абри атәы аанацҳауеит ареспублика агәабзиарахьчара аминистрра.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 28-ҩык акоронавирус злоу ачымазцәа.
Нанҳәа 8 инаркны ачымазара аҽышьҭнахуа ианалагаз нахыс аусура иалагеит ПЦР-тестқәа зго амобилтә бригадақәа. Ачымазаҩ атест аиҭарц азы аҳақьым иҟынтәи ашәҟәы имазароуп, ачымазара шилоу убартә дыҟазароуп.