Аԥсны

Апрокуратура хада агәаҭара ашьҭахь 15 миллион ашәахтә уалқәа ырхынҳәуп

Агәаҭарақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит. Урҭ рылҵшәақәа рыла имҩаԥгахоит азакәан иазыԥхьагәанаҭо алкаақәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Ашәахтә уал зқәыз, Аԥсны Апрокуратура хада агәаҭарақәа рышьҭахь руалқәа рыҳасаб ала идырхынҳәит 14 910 961 мааҭ. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Апрокуратура хада иатәу Аԥсны азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшразы Аусбарҭа имҩаԥнагоит азакәан "Ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчаразы" азакәан ақәныҟәара агәаҭара.
Агәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра араионтә инспекциақәа рахь инашьҭын азыҳәақәа аиурист хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи, ашәахтә уал зқәыз рсиа аиуразы.