Аԥсны

Аԥсны Аҳәынҭспорт аиҳабы раԥхьатәи ашьапылампылтә форум "Содружество" далахәхоит

Нанҳәа 24-25 рзы Ҟрым, раԥхьатәи ашьапылампылтә форум "Содружество" мҩаԥгахоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Џьамал Гәбаз Ҟрым, раԥхьатәи ашьапылампылтә форум "Содружество" далахәхоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҵакыраҿ ашьапылампыл аҿиареи аларҵәареи ртемала аицәажәарақәа.
Уи адагьы иалацәажәахоит 2023 шықәса инаркны ашьапылампыл азы азеиԥш чемпионат аиҿкаареи амҩаԥгареи рызҵаара.