АҞӘА, нанҳәа 23- Sputnik. Ажәытә еибашьҩы иԥсыбаҩ ԥшаан урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа раан, абри атәы РИА Новости иазеиҭалҳәеит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аклассикатә археологиа аҟәша аусзуҩ, аҭоурыхдыррақәа ркандидат Галина Требелева.
Сынтәа ажрақәа мҩаԥысуан ақьырсиан баашқәа ируаку (IV-V в.в. н.э.) ахьгылаз аҭыԥ аҿы.
Аекспедициа аԥснытәи аган дахаҭарнакуп Аԥсуаҭҵааратә институт усзуҩ Сурам Сақаниа, урыстәылатәи - Галина Требелева.
Лара лажәақәа рыла, аибашьра адәаҿы иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩ иалоу ахҿеи, уи ивараҿ иԥшаази Х ашәышықәса иаҵанакуеит.
Археологцәа ирыԥшааит амқьаҭқәа, аҟамақәа, абџьар, агәлаҵақәа, ахәыдхаҵақәа, ахаԥыц аԥшра змоу аҭаӡ, иара убасгьы римтәи аԥсыжырҭақәа. Арҭ зегьы аҭҵаара ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаҭахоит.
Ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәса инаркны ҳераамҭа XV ашәышықәсанӡа аԥсуаа Маркәылатәи рынхарҭа ҭыԥ аҵарауаа иаадырԥшит 2015 шықәсазы.