Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР аҵакыраҿы иҭархоуп 200-ҩык рҟынӡа украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа

Аидгыла мчқәа донецктәи ахырхарҭаҿ қәҿиарала ажәылара мҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҵакыраҿы икылкаан ихысуа абџьар ала иҭадырхеит 200-ҩык рҟынӡа украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәылатәи аруаа Донецктәи жәлар рреспублика аиланхарҭақәа Славиански Константиновкеи рҿы 81-тәи аеромобилтәи 95-тәи адесант-жәыларатәи бригадақәа аамҭалатәи ргыларҭаҿы иҭадырхеит 200-ҩык рҟынӡа украинатәи амилаҭеилыхыҩцәеи 18 ак арратә техникеи", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 268 ҳаирплан, 148 вертолиот, 1796 аԥырҩы дызҭам аппарат, 369 зенит-ракетатә комплекс, 4377 танк, 818 реактив-систематә машьынақәа, 3335 артиллериеи минаршәгеи рыхгәыцәқәа, 5024 ак аибашьыга автомобилтә техника.