Арадио

Кәакәасқьыр абызшәа арҵаразы Шьынқәба ифонд аметодикала аусуразы: акажьра ҳгәы иҭам

Шықәсқәак раԥхьа Гал араион ашколқәа рҿы раларҵәара иалагеит Баграт Шьынқәба ифонд еиқәнаршәаз абызшәа аметодика. Ақалақьтә абжьаратә школ аиҳабы Ахра Кәакәасқьыр арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи лҵшәақәас иаанарԥшыз атәы.
Sputnik
Аметодика иабзоураны ахәыҷқәа ражәаҳәа иаҳа иҭбаахеит, рдыррақәа еиҳахеит, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәакәасқьыр.
"Аметодика аусура аихшьаала ҟаҵан аҵарашықәс анҵәамҭазы, даара иҳаракны ахәшьарагьы аҭан. Арҵаҩцәа ҭакԥхықәрала иазнеит русура, ахәыҷқәагьы даара агәахәара ду рнаҭеит. Афонд аусзуҩцәагьы ахаҵгылара бзиа арҭеит, дара рхахьы иргеит арҵаҩцәа ирзацҵаз асааҭқәа рыхә ахшәаара. Сынтәа аҵарашықәс аплан аиқәыршәара ҳаналага иазԥхьагәаҳҭеит уи аус ацҵара, уи агәҭасра, акажьра ҳгәы иҭаӡам", - иҳәеит Кәакәасқьыр.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсныаефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.