Ҳусура аанкылара аџьармыкьаҿы аџьықәреи арыц аҟамзааароуп изыхҟьаз иҳәеит Кәартаа арадиоефир аҿы.
"Еснагь иааҳхәон, ҳара ҳазхара еизаагартә ҳалшон. Ҵыԥх уажәааны 10-15 тонна аҭаҵәах ҳаман. Ацех ахь иаҳзааргон, ҳаргьы ҳцаны иааҳхәалон. Ахәгьы иаҳа имариан. Ҵыԥх уажәааны арыц 30 мааҭ иаԥсан. Маи анҵәамҭазы ахә ацлара иалагеит иӷәӷәаны, ҳахьымӡартә еиԥш. Ҳаалыҵ ахә 50 мааҭ амза алагамҭаз ианықәҳаргылалак, анҵәамҭазы иара аԥш арыц уаанӡа инеиуан. Август аказы шә-мааҭк ҳәа иақәаҳҵеит ахә. Иахьа аԥш ҳадыргалоит 130 мааҭ ҳәа. Иара уигьы, анаплакы аус ауртә еиԥш иузеизгаӡом. Ҳҭагылазаашьа даара ицәгьахеит. Шә-мааҭк ҳәа ахә анықәҳаргылоз сацәыԥхашьон. Уажәы иҳамоу аҭаҵәах хәыҷы ҳалгоит, нас ҳаангылоит, избанзар, уажәы аџьармыкьаҿы иҟоу ахәқәа уаҩ дрыхәом", - еиҭеиҳәеит Кәартаа.
Еиҳарак арыц ахьааҳхәоз Гал акәын, аха ауаа ираҳауеит адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа аҟынтә, ирҵәахуеит, ҳәа азгәеиҭеит Кәартаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.