Аԥсны

Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Москва даҭааны Аԥсныҟа даауеит

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров нанҳәа 23 рзы Москва диԥылоит шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдад.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Микдад официалла Москва данаҭаалак ашьҭахь Аԥсныҟа даараны дыҟоуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддад.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, Микдад Аԥсны аофициалтә хаҿқәа дырԥылараны дыҟоуп.
Иазгәаҭоуп нанҳәа 23 рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади Москва еиԥылоит ҳәа.