Аԥсны

"Взгляд 2022": Россотрудничество Аԥсны ажурналистцәа рыбжьара аицлабра мҩаԥнагоит

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аицлабра аинформациатә партниорны иазыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра Аԥсны ажурналистцәа рыбжьара аицлабра "Взгляд 2022" рыланаҳәеит Урыстәыла ареспубликаҿ аусура еиҳа иныҭкааны иаазырԥшуа ҳәа.
Аицлабра хацыркхеит нанҳәа 19 рзы, аихшьаалақәа мҩаԥгахоит цәыббра 23 рзы.
Аицлабра аноминациа хадақәа:
иреиӷьу аинформациатә материал,
иреиӷьу аналитикатә кьыԥхьымҭа,
иреиӷьу аессе,
аноминациа "Дебют".
Аихшьаалақәа ҟарҵоит Аԥсны ажурналисттә еилазаараҟынтә ишьақәыргыло ажиури.
Аицлабрахь инашьҭхар ҟалоит аурысшәала иҩу реиԥш аԥсышәала иҩу арҿиамҭақәагьы.
Аиҿкааҩцәа ишазгәарҭо ала алахәылацәа ирылшоит аицлабра Ацҵа аҟны азыҳәа харҭәаан аформа анашьҭра, ашәҟәы аматериал аелектронтә версиа аелектронтә ԥошьҭахь анашьҭра: konkurs.rs.gov@mail.ru. Ма аицлабратә зыҳәа ацҵаны аматериал Россотрудничество аофис ахь анагара (ақ. Аҟәа, аинрал Дбар имҩ., 3, ау. 332).
Аҵыхәтәантәи азыҳәа рыдыркылоит цәыббра 19 азы.