Аԥсны

Аԥсны атерапевт хада: COVID-19 аамҭахәҭатә чмазараны иҟалоит

Нанҳәа 12-22 рзы Аԥсны иаадырԥшит 739 COVID-19 ахҭысқәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Хԥа-ԥшьба шықәса рышьҭахь COVID-19 аамҭахәҭатә чмазараны иҟалоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
"Ковид аамҭалатә чмазарахоит, избан акәзар ауаа ацәеижьҿагылақәа роуа иалагоит. Наҟ-наҟгьы аҿкы ауаҩы изы рацәак ишәарҭамкәа иҟалоит ҳәа агәаанагара ҳамоуп", - лҳәеит лара.
Убри аан аҳақьым иазгәалҭеит, макьана авирус шшәарҭоу, аҽацәыхьчара шаҭаху.
"Аиҳараҩык уадаҩрада ачымазара шырхыргогьы згәабзиара уашәшәыроу рзы иуадаҩуп. Ковид аамҭалатә чмазарахаанӡа зегьы ҳарзыԥшызароуп" - лҳәеит атерапевт хада.
Аҳақьымцәа ргәаҭарала аштамм ҿыцқәа рхыгара еиҳа имариоуп. Аха зшьа жәпоу ашьаҭашәара рызцәырнагар ауеит. Убри азы аҳақьымцәа рабжьгарақәа ирқәныҟәалатәуп.
Аԥсны
Жәамш рыла Аԥсны акоронавирус хҭысқәа 700 инареиҳаны иаадырԥшит
"Аштамм ҿыцқәа арыԥҳақәа рацәак ирԥырхагам. Аиҳарак ашоура халоит, аимҳәа цәырҵуеит. Ус шакәугьы ахацклаԥшра аҭахуп, избанзар иаалырҟьаны аиҭашәара ҟалар ауиет", - лҳәоит Арҷелиаԥҳа.
Нанҳәа 12-22 рзы Аԥсны иаадырԥшит 739 COVID-19 ахҭысқәа.
Апандемиа ҵысижьҭеи Аԥсны иаарԥшуп 55 304 коронавирус хҭыс, 693-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аиммунолог еиҭеиҳәеит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц аҷыдарақәа