Аԥсны

Аԥсны нанҳәамза анҵәамҭазы инеиԥынкыланы аԥсшьарамшқәа ҟалоит

Нанҳәа 26 азы ҳтәылаҿ иазгәарҭоит Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара Амш. Нанҳәа 28 азы Аԥсны ауааԥсыра иазгәарҭоит Нанҳәа, мамзаргьы Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара Амш.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Аԥсны нанҳәамза анҵәамҭазы ԥшьымш нанҳәа 26 инаркны 29-нӡа аԥсшьарамшқәа ҟалоит.
Нанҳәа 26 азы ҳтәылаҿ иазгәарҭоит Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара Амш. Нанҳәа 28 азы Аԥсны ауааԥсыра иазгәарҭоит Нанҳәа, мамзаргьы Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара Амш. Нанҳәа 28 амҽыша иахьақәшәо азы ашәахьа, нанҳәа 29 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.