Аԥсны

Аԥснытәи акурсантцәа 14-ҩык Урыстәыла ААР аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵалоит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Сынтәа Урыстәылатәи Афедерациа ААР аҵараиурҭақәа рахь ишьҭуп 14-ҩык ҳтәылауаа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Аԥснытәи астудентцәа Краснодартәи ауниверситет, Орловтәи азиндырратә институт, Воронежтәи аинститут, Нижегородтәи Академиа рҿы аҵара рҵалоит. Уахь амҩа иқәлаанӡа дара Аԥсны ААР Иреиҳаӡоу амилициа ашкол аҿы аруаҩ қәыԥш икурс иахысит.
"Аҭоубашьҭаҵара Аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩ изы ихадоу раԥхьатәи мшны иҟоуп. Ижәлари, иԥсадгьыли, азакәани рҿаԥхьа аҭоубашьҭаҵара ҟазҵаз амилициа аусзуҩ Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩык иакәны дшьахоит. Иумҭақәа рыла ихьӡ-иԥша ҳареикуеит, амилициа аусзуҩ иҳаракыра шьҭихуеит", - аҳәоит асаит аҿы.
Аԥсны
АҶА ахырхарҭала аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа Аԥснытәи аусбарҭахь аусура ирыдыркылеит
Хәышықәса рыла акурсантцәа адыррақәеи аԥышәеи роуеит, ишьақәгылоит рзанааҭтә ҟазшьақәа.
Аԥсни Урыстәылеи рыҩнуҵҟатәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьаратәи аиқәшаҳаҭра ашьаҭала, есышықәса Аԥсны ААР Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь азинхьчаратә система зыԥсҭазаара адызҳәаларц зҭаху аҿар рышьҭуеит.