АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Владимир Некрасов Аԥсны Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭаранакс имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп хатәгәаԥхарала, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аиҳабыра рықәҵара шьаҭас иҟаҵаны.
"Некрасов Владимир Анатоли-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнакс дахьыҟазынтә ихы дақәиҭтәызааит ихатәгәаԥхарала", - азгәаҭоуп адокумент аҿы.
Некрасов Владимир Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнакс дҟаҵан 2017 шықәса хәажәкырамзазы.