Аԥсны

Арӡынбеи Микдади Аԥсни Шьамтәылеи русеицура иалацәажәеит

Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә делегациа Аԥсны иаҭааит нанҳәа 24 азы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад зхадараҿы дыҟоу шьамтәылатәи аделегациа.
"Ҳаԥсуа дгьыл аҟны бзиала шәаабеит ҳәа шаҳҳәоит. Ари кыр зҵазкуа хҭысуп ҳара ҳзы", - иҳәеит Арӡынба шьамтәылатәи аделегациа алахәылацәа аԥсшәа раҳәо.
Иара иазгәеиҭеит аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥгахо еиуеиԥшым азҵаарақәа рылацәажәара. Ихырхарҭа хаданы Арӡынба иазгәеиҭеит, Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура.
Аԥсны
Шьамтәыла АА рминистр Аԥсны раԥхьатәи ахадеи иҭахаз аибашьцәеи игәалаиршәеит
Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад аԥснытәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҩаӡара ҳаракыла еиҿкаау адкыларазы.
Иара ишьақәирӷәӷәеит Шьамтәыла Аԥсны аус ацура ишазыхио.
Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2018 шықәса лаҵарамза 29 азы. Аҟәеи Дамаски адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.