АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсни Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Инал Арӡынбеи Феисал Микдади аполитикатә констультациақәа рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит.
"Адокумент ԥхьаҟатәи ҳаинырра аҟазшьақәа ҳәаақәнаҵоит. Ара ихадараны иҟоу Иааигәоу Мрагылареи ҳареи ҳаиныррақәа рырҭбаараҿы ҳамчқәа реидкылароуп", - иҳәеит Арӡынба.
Ареспублика адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаҩы иҳәеит Амеморандум ишыҟанаҵо алшара Мрагылара ааигәа атәылақәеи Аԥсни рыбжьара адиалог арҭбаара. Арӡынба абри аус аҟны ихадароу хырхарҭаны ишьоит Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура.
Иара иажәақәа рыла аусеицуразы алшарақәа маҷымкәа иҟоуп.
"Ҳҳәынҭқарра аԥыжәара анаҭоит евразиатәи аинтеграциа, иаҳхықәкуп суверентә ҳәынҭқаррак аҳасаб ала евразиатәи аинтеграциатә еидгылақәа рылахәра. Шьамтәылатәи Арабтә республика акәзаргьы ԥыжәаратә хырхарҭаны иашьоит евразиатәи аинтеграциа", - иҳәеит Арӡынба.
Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад аԥснытәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҩаӡара ҳаракыла еиҿкаау адкыларазы. Иара ишьақәирӷәӷәеит Шьамтәыла Аԥсны аус ацура ишазыхио.
"Аԥсны ҳаҟазаара шьахәла ишымҩаԥысуа гәыҩбара ҳамам. Ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ҳаракыла ҳусуратә еилацәажәарақәа ахьеиҿыикааз", - иҳәеит Микдад.
Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад зхадараҿы дыҟоу шьамтәылатәи аделегациа Аԥсныҟа иааиит нанҳәа 24 азы. Иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент адепутатцәа рԥылара.
Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2018 шықәса лаҵарамза 29 азы. Аҟәеи Дамаски адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.