Аԥсны

Аԥсны АҶА амшын иалахаз ҩыџьа аԥсшьаҩцәа еиқәдырхеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Аҟәатәи абаӷәаза иацәыхарамкәа зҽызкәабоз амшын иалахаз ҩыџьа аԥсшьаҩцәа еиқәдырхеит.
Липецкантәи иааз атуристцәа Валери Дериугини Михаил Алиеви аҟәара аҟынтәи ҩ-километрак инеиҳаны иӡсаны амшын агәахьы ицеит. Ишәаз рыуацәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟарҵеит асааҭ ааба рыбжазы.
АҶА иатәу Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиқәырхаҩцәа сааҭбжак инеиҳаны аԥсшьаҩцәа ирышьҭан.
"Аԥшаарақәа алҵшәа аадырԥшит.Урыстәылауаа ԥшааны аҟәарахьы иааргеит. Рыԥсҭазаара акгьы аԥырхагам", - аҳәоит адырраҭаҟны.